Аҵыхәтәантәи аамҭаз ауаарацәа қьафла аҧсшьаразы алшара роуеит. Акурорттә қалақьқәа рыҧсшьарҭа ҭыҧқәа рыҟны иҟоу абжьааҧнытәи аҧсшьара анаҩс аҧсшьаҩцәа иманшәалоу аиахтақәа рыла амшынтә ныҟәарақәа еиӷьаршьо иалагеит.
Ауаажәларра ахаҭарнакцәақәак (еиҳа амал змоу) ахатәы иахтақәа рыла рҽеиқәдыршәеит, урҭ рхала ирыӡбоит анаҩс дара иртәу аӷба хазынақәа иахьақәтәо, насгьы ианақәтәо. Рацәак ибеиам ракәзар, урҭ ирзаанхоит аиахта қьырала агара, насгьы уи аҽанраалара. Аиашаз, аҵыхәтәантәиқәа рзы ари еицәоу вариантым, избан акәзар рацәак идуум хархәагала дара ирымоуп алшара зеиӷьыҟам аҭагылазаашьа аиура, уҳәа шьахәла аамҭа ахгарагьы.
Аха изыҧсоузеи аиахта қьырала агара?
Раҧхьа иазгәаҳҭап – излыҵуазеи аиахтақәа рчартер азы ауаа абжьааҧны инырхуа аицҵалыҵ.
Аныхратә хәҭаҷқәа
Хәҭа-хәҭала ҳахәаҧшып:
- Аиахта ақьырахаҭа, алагамҭатә еиҿцәажәарақәа раан шәара ишәзазгәарҭо, иааҧшуеит ахырхарҭа иақәшәо асаитқәа рыҟны. Хәҭакахьала ҳара ҳаизакхьӡынҵа аҟны. Ари аицҵалыҵ иалоуп:
- аиахта қьырала агара;
- аекипаж инарыгӡо амаҵзурақәа;
- аекипаж иалоу рзы афатә-ажәтә;
- аӷбеи аекипажи рыҧгаҧсаҟаҵара;
- аҳәынҭқарратә маринақәа рҿы иҟоу аангыларҭақәа рыхәшәара, уи аҩыза ыҟазар аныҟәара ахырхарҭаҿ.
Ари аҧхьаӡац лассы-лассы аӷба ашәага-загақәеи, аҧсшьара аҭагылазаашьеи, аамҭаҧҵәахеи, насгьы аиахта аҿыцреи ирыхьҧшуп. Даҽакала иуҳәозар, иӡсо ахархәага шаҟа иажәу, шаҟа ихәыҷу аҟара, имариоуп аиахта ақьырагьы. Уи убасҵәҟьа иазкуп илаҟәу аамҭаҧҵәахаз игоу ачартер, иара убас аӷбаҿ заа аҭыҧ анаанышәкыло. Ишыҟоу еиҧш аиахтақәа рчартер азы аицҵалыҵ шьақәгылахоит мчыбжьылатәи амшынныҟәара аҳасаб ала. Уи шәара еиҵоу ҿҳәарала ижәгар шәҭахызар, ахәҧса фынтә ишаны шәгәы иаанаго ақьырагара иартәо аамҭамшла ишьҭыхтәуп. Амшынныҟәаратә аамҭа рацәазар (мчыбжьык еиҳаны), аицҵалыҵ бжьынтә ишаны ижәго аамҭамшла ишьҭыхтәхоит. Даҽакала иуҳәозар, уахыки-ҽнаки азы аиахта ақьыра аҩ-ҭагылазаашьак рыҟны еиҧшхаӡом. Избан ари аҩыза «ақәнамгара» зцәырҵуа? Ари амшынныҟәараз аиахта архиара иацу аџьатә харџьқәа ирыдҳәалоуп. Ажәакала, акоманда алахәцәа имаҷу аныҟәареи краамҭатәи аӡсареи раан ирбо аџьабаа акоуп. Араҟа иацҵатәуп ачартерқәа рыбжьара иҟало ҧсыхәа змам аагыларақәа.
- Иацу ахарџьқәа. Хәҭакахьала абарҭ ирыдҳәалоу ахарџьқәа:
- абылтәы;
- апассаџьырцәа рыфатә-рыжәтә;
- асасцәа рзы иџьбароуи иџьбарами арыжәтәқәа;
- ашхәақәеи аӡыхәмаргақәеи рзы абылтәы;
- аҭҳәаақәа рҭысразы ашәахтә;
- ахатәы маринақәа рҿы аангылараз ашәахтә;
- аӡәӡәарҭа;
- апассаџьырцәа егьырҭ рхатәы харџьқәа.
Арҭ рҩыза ахарџьқәа раҳасаб ҟаҵахоит аныҟәара анҵәамҭаз. Алагарҭатә еицҵалыҵ иҟоу аҩаӡара аҟынтә умшәакәа иацуҵар ауеит даҽа 30 наӡына.
- Иацҵоу ахәҧсазы ашәахтә (НДС)
Европатәи Аидгыла иалоу атәылақәа реиҳарак закәанҧҵарала афрахт азы аицҵалыҵ иаларгалеит иацҵоу ахәҧсазы ашәахтә (НДС). Уи аҩаӡара шәныҟәараан зӡы шәҭоу, шәиахта збираҟ ахагылоу аҳәынҭқарра иахьыҧшны аҽаҧсахуеит. Бжьаратәла уи ачартер ахәҧса ҳаранакуеит 10-20 наӡына рҟынӡа.
- «Амҵаҧсақәа» аекипаж рзы
Шәара шәыҧсшьара ашьахәра аӷба аусуреи, аныҟәареи, апассаџьырцәа рымаҵзура аиҿырцаареи иацхраауа аекипаж рџьабаа иахьыҧшуп. Амшынныҟәара аамҭа иалагӡаны аусзуҩцәа ииашахаҭаны уахгьы-ҽынгьы рымаҵзураҿ иҟоуп. Уи аҟынтә урҭ рџьабааз ҭабуп аҳәара ахәҭоуп. «Амҵаҧсақәа» ршәага-зага акыр рҽырыҧсахуеит. Европазы ари аҩыза ацҵа ақьыра ахәҧса аҟынтә 5-10 наӡына аҟара аҽаҧсахуеит. Еиду Америкатәи Аштатқәеи, мамзаргьы Карибтәи аҵакыреи рыҧшаҳәаҿы ачартераз ацҵа маҷк аҟара иҳаракуп – 10-20 наӡына рҟынӡа инаӡоит.
- Аӷба агыларҭатә баӷәазахь ахынҳәра
Шәара шәныҟәара ахырхарҭа, аӷба алшарақәа шәрызхәыцны, иҟалоит шәхала иалышәхырц. Аха шәара аӷба шәахьақәтәаз акәымкәа даҽаџьара шәақәҵыр шәҭаххар, шәҽырхианы шәыҟаз аӷба ахынҳәра иартәо ахарџьқәа рыхә ахшәаара. Лассы-лассы ари аицҵалыҵ иалалоит ахынҳәраан иахәҭоу амҩа ахысра иаго абылтәы азы ахарџьқәа, иара убас аӷба ахьҭаҩу абаӷәазахь (мамзаргьы иахәҭоу даҽа ҭыҧк ахь) ихынҳәаанӡа ақьыра иартәо амшқәа.
- Ашас
Ари ҟамлар ауеит ахарџьқәа ирыхәҭаҷымкәа, аха уи аиқәшаҳаҭра адкылараз ихәарҭоуп, узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьақәеи аҧаратә ҵәахи рзы гәҭахрала иазыҟаҵатәу еицҵалыҵуп. Аиахта ҿыцқәа зтәу, хырҧашьа змам ҧҟарак аҳасабала, аиқәшаҳаҭра иаларҵоит иҟаларц зылшо амазаратә ҧхасҭа аҟынтә ашас. Ари аицҵалыҵ иҟалоит инаӡар 10-20 нызқь евро рҟынӡа аиахта дуқәа рзы (60 метр аура змоу). Убри аҟынтә еиӷьын ари аҩыза аҭагылазаашьа шәазхиазар.
Ари, ачартер аамҭазы ишәшәараны иҟоу, ихадоу шьаҭанкылатәи харџьқәоуп.
Абиуџьеттә вариант
Шәара аҧара рацәаны аныхра шәазхиамзар, зегьы иреиӷьуп идуум, 15-20 метр еиҳам, аӷба қьырала ижәгар. Ари аҩыза аиахта қьырала агара ахә ҳаракым. Урҭ еиҳарак мчыбжьык ахы-аҵыхәаз иартәоит 1500-5000 евро. Идуум аиахтақәа рҟны аекипажгьы маҷуп (зны-зынла уи аилазаара иалоуп аӡәы-ҩыџьа), акомандаз ахарџьқәагьы рацәахом (инықәырҧшны 150-200 евро уахыки-ҽнаки рзы). Уи иацуп афатә азы ахарџьқәа, аӡәыцыҧхьаӡа 200-300 евро раҟара, уҳәа уи ханарҭәаауеит 50-100 евро пассаџьырцыҧхьаӡа.
Аблахкыра аҧара бзиа азы
Аха шәара шәыҧсы анышәшьо аиҷаҳара шәгәы азымҳәозар, усҟан қьырала ижәгар ҟалоит шәага-загала 20 метр еиҳау аиахта. Ари аҭагылазаашьаҿ, илаҟәу аамҭаҧҵәахаз, мчыбжьыктәи аицҵалыҵ ашәага-зага иартәоит (урыла 20 метр иҟоу аиахтаз) 16 000 инаркны 600 000 евро аҟынӡа 60 метра змоу аиахта азы иҳараку аамҭаҧҵәахаз. Уи аицҵалыҵ ҳара иацаҳҵоит анаҩстәи ахарџьқәа, наӡынала зеизышәара хыхь ишәзаҳарбаз.
Ахәҧсақәа ҳәаақәаҳҵеит. Уажәшьҭа иаамҭоуп аиахта қьырала агара!
Уи ҟаҵазар еиӷьуп ScanMarine TM (Cofrance SARL) ҳәа хьӡыс измоу акомпаниаҿы. Ари ачартер азы аиахтақәа рышьаҭа ӷәӷәа змоу, Европаҿ иҧхьагылоу, аурыс бызшәа ашьаҭала аус зуа брокеруп. Уи шәара агәра жәгарц шәылшоит ҳаизакхьӡынҵа шәахәаҧшыр. Акомпаниа аусзуҩцәа ракәзар, урҭ шәара ацхыраара шәырҭоит маншәаларалеи хәыҧсалеи еиҳа ишәықәнаго аиахта алхраҿы, уигьы инацҵаны гәцаракрала иашьҭалоит шәыҧсшьара алакәцәа аманы иҟаларц!